Арадио

Џьниаԥҳа аконцерт "Бзиа бызбоит, багьысҭахуп!" алахәылацәа инарыгӡо атәы еиҭалҳәеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҟны имҩаԥысуа аконцерт апрограмма шышьақәгылоу, уи иалахәу артистцәа ртәы еиҭалҳәеит афилармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьниаԥҳа.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа артистцәа злахәу аклассикатә музыка абзиабаҩцәа рзы аконцерт мҩаԥгахоит рашәара 15 асааҭ 19:00 рзы.
"Аконцерт иалахәуп афилармониа асолистцәа Нана Черқьезиаԥҳа, Елена Анқәабԥҳа, Нугзар Какалиа, Алхас Ферзба. Афортепиано ахкы налыгӡоит Асҭанда Џьыкырԥҳа. Апрограмма шьақәгылоуп аурыс композиторцәа рвокалтә лирикатә ԥҵамҭақәа рыла. Аромансқәа, аопера аҟынтәи ацыԥҵәахақәа, иара убас еицырдыруа ашәақәа. Апрограмма еиҿкаан ҵыԥх, аха акарантин иахҟьаны идырбамызт. Насыԥла Шәачатәи ауарӷантә зал аҟынтәи ааԥхьара ааит, дара усҟан аус руан. Апрограмма ҟаҵан, Шәача иқәгылеит Алхаси Еленеи. Уажәы уи апрограмма хәыҷык иҳарҭбааит, иалаҳҵеит Нанеи Нугзари", - лҳәеит Џьниаԥҳа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.