Гәашьала еибарку "ахан": Афонҿыцтәи аихамҩатә вокзал

Sputnik
Афонҿыцтәи аихамҩатә вокзал ахыбра ргылан 1960-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы.
Авокзал агәҭантәи ахәҭа аҭеиҭыԥш убла хнакуеит, иара ргылоуп жәагәашьак рыла еибарку аротонда асахьа аманы, рыбжьара ахыргьагьақәа алгоуп. Авокзал аҟнытә амшын ухԥшылоит.
Агәҭантәи ахәҭаҟынтә наҟ-ааҟ ауадабжьарақәа алгоуп, уаҟа азԥшратә зали атехникатә уадеи ыҟоуп. Шықәсқәак раԥхьа ахыбра шьақәыргылан, егьырахь азхьаԥшра аҭахны иҟоуп, аха авокзал аусура иацнаҵоит.
Араҟа иаангылоит аҟәантәи урыстәылатәи ақалақьқәеи рҟнытәи иаауа адәыӷбақәа.
1 / 17

Афонҿыцтәи аихамҩатә вокзал ргылан 1960-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы.

2 / 17

Ахыбра агәашьақәа рыла еибаркуп.

3 / 17

Авокзал агәҭантәи ахәҭа аҭеиҭыԥш убла хнакуеит.

4 / 17

Агәашьақәа зҵагылоу аҟәырӷ форма амоуп.

5 / 17

Изныкымкәа авокзал ахыбра арҽеирақәа шымҩаԥыргахьоугьы арԥшьшьақәа еиқәханы иҟоуп.

6 / 17

Амра рҽаҭаны адәыӷбақәа ирзыԥшуп афонҿыцтәи ацыгәқәа.

7 / 17

Аԥсны иҟоу аихамҩатә аангыларҭақәа реиҳарак реиԥш Афонҿыцтәи авокзал Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан ааха аиуит.

8 / 17

Игәыгәҭыжьу аихамҩатә аангыларҭаҟны еиуеиԥшым "аҩырақәа" уԥылоит.

9 / 17

Ари ауадаҟны аус руеит авокзал аусзуҩцәа.

10 / 17

Иахьатәи атехникеи амузеитә експонатқәеи еигәылацәоуп.

11 / 17

СССР ахаантәи аихамҩатә хсаалага еиқәханы иҟоуп.

12 / 17

Авокзал акәша-мыкәша ашәҭқәа еиҭаҳауп.

13 / 17

Аҭыӡқәа рҟны астрит-арт ҩырақәа рныубаалоит.

14 / 17

Ахыбра ахәҭак аус шауагьы ара аамҭа аангылеит уҳәар ҟалоит.

15 / 17

Афонҿыцтәи авокзал гылоуп амҩаду ахықәан.

16 / 17

Авокзал арлашагақәа рыԥшӡара еиқәханы иҟоуп.

17 / 17

Хыхьынтәи Афонҿыцтәи авокзал асахьа.