Қырҭтәыла арра-ааглыхратә комплекс аиҭарҿыцра анымҩаԥнаго аамҭазы Аԥсны ар ахылаԥшра ӷәӷәа рҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Нанба арадиоефир аҟны.
"Ҳар шьаҭас иамоу арезерв аруаа роуп, урҭ рабџьар еиқәшәаны, "ҳаи!" анырҳәо аамҭазы иахьнеиуа рдыруа, рхықәкы, излахәу архәҭа ахьцо, ҳәаас иркуа, иахьаҿагыло зегьы аус адырулалароуп. Уи иаҿуп аминистрра, аха, сгәаанагарала, имаҷуп. Уи иацгьы имаҷын, иахьагьы имаҷуп, избанзар атехника есымша иурҿыцлароуп, аус аулароуп. Аҳаирпланқәа ракәзар, ахылаԥшра ӷәӷәа рҭахуп. Анцәа иџьшьаны макьана ус ҳаауеит, аха иахьа аҳәынҭқарраҟны џьара хашәалак анааҟала ар иадҵалатәуп, ахылаԥшра ӷәӷәа аҭахуп. Иамоу ахылаԥшра иахьа имаҷуп ҳәа азысыԥхьаӡоит", - иҳәеит Нанба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.