Шьамтәыла Донецки Лугански Жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азханаҵоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 16– Sputnik. Шьамтәылатәи Арабтә республика ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра азханаҵоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҳәынҭдума адепутат Дмитри Саблин Башар Асади иареи реиҿцәажәара ашьҭахь.

"Шьамтәыла ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа аиҭоит иаарласны ареспубликақәа разхаҵаразы иахәҭоу ашәҟәқәа еиқәдаршәарц", - иҳәеит Саблин.

Уажәазы Шьамтәыла иҟоу Урыстәылеи Донецки рделегациақәа Башар Асади дареи аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит.