Аԥсны

COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз аԥснытәи аҳақьымцәа "Ахьӡ-Аԥша" аорденқәа ранаршьеит

Есышықәса амедицина аусзуҩцәа рымш азгәарҭоит рашәарамза ахԥатәи амҽышазы - сынтәа уи иақәшәоит рашәара 19. Аныҳәа аламҭалазы Ражден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит аныҳәатә концерт.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи аҳақьымцәа, COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡарақәа ранаршьеит. Абри атәы иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Амедицина аусзуцәа рымш иазкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә аҟны дықәгыло.

Иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ирыԥсахеит Анжела Арҷелиаԥҳа, Алла Белиаева, Давид Бжинаа, Херсина Гәлиаԥҳа, Ирма Каҷарааԥҳа, Сариа Лакәаԥҳа, Викториа Тарԥҳа, Иана Хәарцкьиаԥҳа.

"Шәара шәзанааҭ аҳаҭыр ду, ауаҩра зцу занааҭуп. Гәык-ԥсык ала зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәџьабаазы, хамеигӡарыда имҩаԥыжәго шәусуразы, ишәыду ауалԥшьа еилкааны шәахьазнеиуазы. Шәзанааҭ ԥсшьара аздырӡом. Иахьа шәара шәахьтә аӡәырҩы шәзанааҭтә ныҳәа аусураҿы иазгәашәҭоит", - ҳәа иҳәеит аҳәынҭқарра ахада.
Аслан Бжьаниа иаликааит аҿкчымазара аамҭазы аҳақьымцәа ирбаз аџьабаа атәы.
Аԥсны
COVID-19 аламырҵәара иазааԥсоз ареспубликатә хәшәтәырҭа аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит
"Тәамҩахә ҟамҵакәа шәҭаацәа шәыҽрыгыжьны ачымазцәа рыԥсҭазаара аиқәырхара шәазықәԥон. Сара иацы Аԥсны Жәлар Реизарахь иҟасҵаз анашьҭымҭаҿы исҳәеит, COVID-19 агәабзиарахьчара асистемазы ԥышәара дуны ишыҟалаз. Ҳарҭ иҳалшоз зегьы ҟаҳҵеит ачымазцәа рыхәшәтәразы ахәшәтәырҭатә усбарҭақәа зыда ԥсыхәа ыҟам амаҭәахәқәа рыла реиқәшәараз", - иҳәеит Бжьаниа.
Атәыла ахада иҳәеит аҳәынҭқарра аринахысгьы иахьынӡалшо агәабзиарахьчара аусхк ацхыраара шанаҭало. Ахәҭакахьала иазгәеиҭеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шазгәаҭоу Иҷыдоу апсихоневрологиатә хәшәтәырҭаҟны, иара убас Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара.
Амедицинатә усзуҩцәа иааиуа рныҳәамш рыдиныҳәалеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
1 / 3

Амедицина аусзуҩцәа рымшныҳәа аламҭалазы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит аныҳәатә концерт

2 / 3

Амедицина аусзуҩцәа рымшныҳәа аламҭалазы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит аныҳәатә концерт

3 / 3

Амедицина аусзуҩцәа рымшныҳәа аламҭалазы Ражьден Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭфилармониаҿ имҩаԥысит аныҳәатә концерт

Азанааҭеидгыла ареспубликатә хеилак ахантәаҩы Марина Шьанааԥҳа амедицина аусзуҩцәа ҭабуп ҳәа раҳәо аҳаҭыртә шәҟәы ианалшьеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
Анаҩс еизаз зегьы ргәалаҟазаара шьҭыхуа рҿаԥхьа иқәгылеит аԥсуа естрада шәаҳәаҩцәеи акәашаратә коллективқәеи.