Аԥсны

Ингәыштәылеи Аԥсни ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа дырҿиалоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Ингәыштәыла ирыгәҭакуп Аԥсны назлоу егьырҭ атәылақәеи дареи рыбжьара мҽхакы ҭбаала ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа арҿиара, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ареспублика ахада Махмуд-Али Калиматов Санкт-Петербургтәи аекономикатә форум аҟны иқәгылараан иҟаиҵаз аҳәамҭа шьаҭас иганы.

"2022 шықәсазы арегион аҟны адәныҟатәи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа дырҿиарц ргәы иҭоуп, Белоруссиеи, Азербаиџьани, Узбекистани, Аԥсни аусеицуразы ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирыбзоураны", - иҳәеит Калиматов.

Ингәыштәыла ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рзы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыхәаԥшуеит, анапхгара ргәаанагарала, еиҳа алҵшәа аазырԥшуа ҳәа ишьоуп Ирани, Китаи, Африкеи, Мраҭашәаратәи атәылақәеи дареи реизыҟазаашьақәа.
Калиматов иажәақәа рыла, арегион аҟны еиҿкаауп 2030 шықәсанӡа аекономикатә ҿиара амодель 13 миллиард мааҭ инеиҳаны изыԥсоу. Уи ахырхарҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспубликаҟны алҵшәа зауа апроектқәа аус рыдырулалоит - арԥхаратә комплекс аргылара, атуристтә комплекс "Армхи" аизырҳара уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны
Озганԥҳа Вольвач диԥылеит Петербургтәи афорум аплошьадкаҿ
Санкт-Петербургтәи аиубилеитә XXV Жәларбжьаратәи аекономикатә форум мҩаԥсуеит рашәара 18 рҟынӡа. Ари афорум аҟны урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи аинвесторцәеи анаплакыҩцәеи реиԥылараҿы иалацәажәоит аусеицуразы иԥшаатәу амҩақәа.
Сынтәа Жәларбжьаратәи аекономикатә форум Аԥсны ахьӡала иалахәуп Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани афинансқәа рминистр Владимир Делбеи.