Арадио

Ҵәыџьба аицлабра "Аԥсны Агәадуразы": аҿар ргәы иҭоу рҳәартә иахьыҟоу ҭыԥуп

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Абзагә Ҵәыџьба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аицлабра аҽалархәра ахәҭаны изыиԥхьаӡо, хаҭала иара инаҭаз.
Sputnik
Аԥснытәи аҳәынқарратә университет ирыланаҳәеит анапхгаҩцәа ҿарацәа реицлабра "Аԥсны агәадура" шымҩаԥгахо. Аицлабра аҽалархәразы арзаҳалқәа рыдыркылоит ԥхынгәы 1 инаркны 7 нӡа.
"Аицлабра иунаҭоит аибадырра ҿыцқәа, аиҩызара. Аԥсны аргылара ахырхарҭақәа рҿы ацнагаҩцәа рхыԥхьаӡара аизырҳароуп. Ари аԥышәа бзиоуп ауаа рҿаԥхьа ақәгыларазы. Аҿар алшара роуеит рхәыцрақәа ӡырыргартә еиԥш. Араҟа ҳаизоит, ҳалацәажәоит Аԥсны аԥеиԥш, еснагь иҳаман азҵаара иабаҳҳәари иҳамоу ҳагәҭакқәа ҳәа", - иҳәеит Џәыџьба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.