Аԥсны

Амшын ихԥшыло авокзал: асовет ҭынха Афон ҿыц

Афонҿыцтәи аихамҩатә вокзал ахыбра ргылан 1960-тәи ашықәсқәа ранҵәамҭазы.
Sputnik
Авокзал агәҭантәи ахәҭа аҭеиҭыԥш убла хнакуеит, иара ргылоуп жәагәашьак рыла еибарку аротонда асахьа аманы. Арантәи иаатуеит иссиру амшын ахԥшыларҭа.
Агәҭантәи ахәҭаҟынтә наҟ-ааҟ ауадабжьарақәа алгоуп, уаҟа азԥшратә зали атехникатә уадеи ыҟоуп.
Ахыбра абжеиҳара ахархәара ахьамам иахҟьаны аилаҳара иаҿуп. Ус шакәугьы авокзал аусура иацнаҵоит.
Араҟа иаангылоит аҟәантәи урыстәылатәи ақалақьқәеи рҟнытәи иаауа адәыӷбақәа.