"Стема зыдҳәалаз Қырҭтәыла актәи азқьышықәсазы иарбан милаҭу уа инхоз, дареи аԥсуааи еилазаашьас иҳамаз. Ицәырҵуаз ахыҵхырҭақәа рыла, уаанӡа ақырҭцәа Кавказ иқәнагалаанӡа уажәы Қарҭ ахьыҟоу, Аладатәи Кавказ амраҭашәареи амрагылареи еиҩызшо ашьха азааигәара аԥсуаа нхон, наҟ инхоз ачеченцәеи, аингушцәеи, адагестанцәеи, ретнос иаҵанакуаз ажәларқәа ракәын. Дареи ҳареи ҩ-нызықь шықәса инареиҳаны аҳәаа ҳабжьан. Чорох аӡиас уаанӡа аԥсуа хьӡы аман, Аԥсар. Аԥсуаа усҟан уа инхон, арагьы инхон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәымба.
Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит ас еиԥш зҳәоз ахыҵхырҭақәа аорегиналтә бызшәала иҩу шракәу. Ажәытә хыҵхырҭақәа уанрыхәаԥшуа иубоит уа инхақәоз ажәларқәа зусҭцәаз, аҭыԥхьыӡқәа рыла ҳәа азгзәеиҭеит аиҿцәажәараҿы.
"Ақырҭцәа ҳареи аигәылара ҳабжьалеит Аџьариа злаҟоу ала. Усҟан уа аибашьра дуқәа ыҟан. Александр Македонски Персиа анига ашьҭахь амиграциақәа рацәаны иҟалеит, ауаа ҵысит. Убысҟан ақырҭцәа Кавказа ааигәара иааит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Гәымба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.