Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Кәакәасқьыри Габалиеи абызшәа арҵара аус ҳаамҭа иақәшәо аметодқәа рыла

Абызшәа аҵареи уи арҿиареи рзы абиԥара ҿыц раамҭа иақәшәо арҵага шәҟәкәа рҭыжьра алзыршаша аҭагылазаашьа аԥҵара азҵаара арадио аҿы ргәаанагара рҳәеит, Апедагогикатә институт аиҳабы Ирина Кәакәасқьырԥҳаи абызшәа арҿиаразы Баграт Шьынқәба ифонд аусзуҩы Дмитри Габалиеи.
Sputnik
Аԥсны ахада Апарламент ахь иҟаиҵаз анышьҭымҭаҿы дазааҭгылеит аԥсуа бызшәеи уи арҿиареи рзы ишахәҭо абиԥара ҿыц раамҭа иақәшәо, атехнологиақәа рхы иархәаны арҵагатә шәҟәқәа рҭыжьра алзыршаша аҭагылазаашьа аԥҵара, арҵаҩцәа рдырра аизырҳара.
"Иахьатәи аамҭа иақәшәо арҵагатә шәҟәқәа, арҵаратә уадаҩрақәа, иара иаҵанакуа ахырхарҭақәа зегьы еидтәалны ирыӡбаша зҵаароуп. Хымԥада, ацифратә технологиақәа, аресурсқәа аманы иаҳмыӡбар, абызшәа уцәцар ауеит. Ҷыдалатәи аҽазыҟаҵара, аҵара, ауаа разыҟаҵара аҭахуп. Аинститут аҿы иҳамаз алшара еизыркәкәаны уажәы авидео аурокқәа рыҟаҵара ҳаҿуп. Дара аҭаацәагьы, ахәыҷқәагьы, арҵаҩцәагьы иргәаԥхоит. Абызшәа ацифрахь ииагатәуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам", - ҳәа азгәалҭеит Кәакәасқьырԥҳа.
Ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷӡақәа рзы аметодика ҿыц еиқәыршәаны, уи ахәыҷбахҷақәа рҿы қәҿиарала агәаҭарақәа ихзыжьыз, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху афонд аус зыднаулаз арҵагатә методика аҿиара амаиуит. Афонд аусзуҩы Габалиа иҳәеит, аметодика азы аҳәынҭқарратә ҿаҵа шыҟамлаз, уи иагу иабзоу алацәажәаразы афонд аусузуҩцәа аартуп, аха убри аан уи азҿлымҳара амаиуит.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.