АҞӘА, рашәара 19 – Sputnik. Аԥсны Аҵәахырҭатә банк атәылаҿы урыстәылатәи атәанчахәқәа рыҭара 2022 шықәса рашәарамзатәи аграфик еиқәнаршәеит.
Рашәарамзатәи атәанчахәыҭара аграфик инақәыршәаны, рашәара 16, 17 рзы атәанчахәы роуит 1940 шықәсанӡа ииз атәанчаҩцәа.
Рашәара 20, 21, 22 рзы - 1941-1947 шықәсқәа рзы ииз ироуеит.
Рашәара 23, 24 рзы - 1948-1950 шықәсқәа рзы ииз.
Рашәара 27, 28, 29 рзы - 1951-1953 шықәсқәа рзы ииз.
Рашәара 30, ԥхынгәы 1 рзы - 1954-1956 шықәсқәа рзы ииз.
Ԥхынгәы 4 инаркны - 1957 шықәса рынахыс ииз атәанчаҩцәа.