Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Ашәбеи Ажәанбеи "Аԥсуа-агыруа жәлар рныҳәарақәа реишьашәалара" иазкны

Галтәи арԥыс Акаки Ажәанба "Аԥсуа-агыруа жәлар рныҳәарақәа реишьашәалара" захьӡу адипломтә усумҭа ихьчеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Ари аҩыза аԥышәа ҿыц шалыршахаз арадио Sputnik иазеиҭарҳәеит ААУ аушьҭымҭеи уи иҭҵаарадырратә напхгаҩы адоцент Арда Ашәбеи.
Sputnik
Еизгоуп аматериал бзиа, агырцәа аныҳәарақәа шымҩаԥырго, Ажьырныҳәа, Ашықәс ҿыц ишаԥыло атәы, урҭ гыршәала ианысҵон, нас аԥсшәахь еиҭазгон иҳәеит арадиоефир аҿы ААУ аушьҭымҭа.
Акаки иҳәеит, агыруа-аԥсуа фольклори реиҿырԥшра азҵаара ахьықәгылаз џьашьахәыс ишыркыз Гал араион аҿы инхо. Агәахәа рызҵысуан, агәрагарагьы рызцәырҵуан ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ажәанба иҭҵаарадырратә напхгаҩы ААУ адоцент Арда Ашәба иҳәеит иара аханатә афольклор азҿлымҳара шаиҭоз, адипломтә усумҭа атема изанааҭ ишашьашәаламгьы, ус еиԥш аҟаҵара хымԥадатәны ишиԥхьаӡаз.
"Аԥсуа фольклор иадҳәалоу зегьы агыршәала ианҵа ҳәа сиҳәон, избанзар ауаҩы ихатәы бызшәала данцәажәо иаҳа даатуп. Ус адҵақәа роуан аҵарашықәс анҵәамҭазы. Иара дзылго азанааҭ ала адипломтә усумҭа ихьчар акәын абызшәа аганахьала, аха ҳара ҳрыҳәеит ААУ азы иҿыцу аԥшаара азырхиаразы, уи ҳамч шақәхо. Аиашазы, иара иакәым, саргьы сшәон. Аха ҳзырманшәалаз - иара имаашьара. Аинтерес дҳаркит абызшәадырыҩцәагьы, афольклорҭҵааҩцәагьы иахьа уажәраанӡа нап зыркымыз аус. Ажәларқәа реигәылара иабзоураны еицаҳзеиԥшу рацәахеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба.
Аҵарауаҩ еиҭеиҳәеит избан аԥсуаа ирыланхо ажәларқәа рфольклор аҭҵаара аҭахны изиԥхьаӡо.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.