Аԥсны

Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аиҳабы Игор Џьопуа иԥсҭазаара далҵит

Игорь Џьопуа 20 шықәса инареиҳаны аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿ, аҳақьым хадас 2015 шықәса раахыс дыҟан.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. 47 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра.
Иара иԥсҭазаара далҵит акраамҭатәи ичымазара ашьҭахь.
Игор Џьопуа Нхыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә медицинатә академиа далгеит. 1999 шықәса раахыс аус иуан Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿ, 2015 шықәса раахыс ҳақьым хадас дыҟан. Џьопуа ахәшәтәырҭа ахыбра ҿыц аргылара ахылаԥшра аиҭон.