Аԥсны

Аԥсуа ҽааӡаҩ иҽыҩ Ростов-на-Дону ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит

Ростовтәи аҽырҩырҭаҿы имҩаԥысуаз аҽырыҩра иалахәын аԥсуа ҽыҩқәа ҩба.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Ахра Бебиа иҽыҩ "Генерал Первый" ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит Ростовтәи аҽырҩырҭаҿ 1200 метра иҩуаз хышықәсеи инеиҳани зхыҵуаз аҽыҩқәа рыбжьара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аспорт азы аҳәынҭеилак.
Аиндаҭлара "Приз Большой Летний" Ростов-на-Дону имҩаԥган рашәара 19 рзы. Еиуеиԥшымыз абжьаӡарақәа рыла аиԥхныҩларақәа 12 мҩаԥган.
Аԥхьахә азы еиндаҭлон англыз ҽыжәлахк еиуоу аҽыҩ-шьацқьақәа. Аԥсуа ҽыҩ 1200 метра иҟаз аиндаҭлара "Июньский Спринт" аҿы аԥыжәаратә ҭыԥ ааннакылеит. Аҽыҩҷкәын-ҟаза – Аидамир Шегушев. Аиндаҭлара иалахәын ԥшь-ҽык.
Иара убри амш азы Даур Агәхаа иҽыҩ "Эль Кайма" 1800 метра рҿы еиԥхныҩлоз, хышықәса зхыҵуа аҽыҩқәа рыбжьара афбатәи аҭыԥ ааннакылеит.
Аԥсны
Аԥсуа ҽааӡаҩ иҽы аԥхьахә ҭыԥ ааннакылеит