Китаиҟа инарышьҭуа Урыстәылатәи анефҭ уажәтәи амҽхак аиԥш ҟамлацт

Урыстәылантәи Китаиҟа анефҭ нарышьҭуеит амҩангага Мрагыларатәи Сибра – Аокеан ҭынч ала, иара убасгьы европатәии мрагыларахаратәии амшынбаӷәазақәа рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Лаҵарамзазы Урыстәылантәи Китаиҟа анефҭ аимпорт 55% ихаланы арекордтә ҩаӡарахь инеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Абас ала, Урыстәыла Саудтәи Аравиа аԥыжәара амхны зегь раасҭа Китаиҟа анефҭ назышьҭуа тәылахеит.
Урыстәылантәи Китаиҟа анефҭ нарышьҭуеит амҩангага Мрагыларатәи Сибра – Аокеан ҭынч ала, иара убасгьы европатәии мрагыларахаратәии амшынбаӷәазақәа рҟынтәи. Лаҵарамзазы арҭ амҩангарақәа 8,42 миллион тонна итәеит. Бжьаратәла ари мышкала 1,98 миллион баррель иҟоуп. Мшаԥымзазы – 1,59 миллион баррель инаӡон.
Ааигәа имҩаԥысыз аекономикатә Форум аҟны "Газпром" аиҳабы Алексеи Миллер далацәажәеит урыстәылатәи агаз Китаиҟа анашьҭра аизҳара ишаҿу атәы.