Аԥсны

Мархьаул ақыҭан амҩатә машәыр иахҟьаны ахаҵа иԥсҭазаара далҵит

Аԥсыҭбара зцыз авариа ҟалеит амҽыша ауха.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. 28 шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ Гәылрыԥшь араион аҿы иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Арыцҳара ҟалеит Мархьаул ақыҭан. Автомашьына Nissan Skyline аҵла иасит, аԥсҟы зкыз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит. Абри азы АҶА аҷаԥшьарҭахь аҭел иасит асааҭ 17:49 рзы.
Уахь инеиз аиқәырхаҩцәа амашьына ԥҟаны иҭахаз иԥсыбаҩ ҭыргеит.