Медведев Еврокомиссиа Украина зықәнаргәыӷуа акоммунизм апринципқәа иреиԥшнишьалеит

Еврокомиссиа Еивроеидгылахь кандидацәас Украинеи Молдовеи рыӡбахә аҳәоит. Абри азы аӡбара рыдыркылараны иҟоуп Евроеидгыла ахадацәа Бриуссель рашәара 23-24 рзы имҩаԥысран иҟоу асаммит аҿы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Еврокомиссиа Украина зықәнаргәыӷуа акоммунизм аргылара апринципқәа ишреиԥшнишьало иҳәеит.

"Аидгылаҿ зегь кашырраны, инасыԥны иҟалоит ҳәа агәыӷра аҭара Украина ашьаҳауеит. Убри аан ари иақәдыргәыӷуа Малороссиоуп. Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла ракәзар, гәыӷрак рыҭам. Украина акәзар, идыргәыӷит, аха иҵегь еиӷьны ишыҟалаша атәы рҳәеит.

"Урсула лакәзар, украинаа ЕЕ алалара иахыԥсаауеит ҳәа азгәалҭеит" ҳәа иҩуеит иара Telegram-канал аҿы. Медведев иҳәеит зыҭҵаара алымшо абстракттә ҭагылазаашьақәа ишрылацәажәаз. Иара убасгьы иҳәеит акоммунизмгьы ҟалар шалшоз Асовет Еидгыла еиламҳазҭгьы.
"ЕЕ ахаҭа ықәӡаар? Иҟалаша азхәыцраҵәҟьа шәарҭоуп. Еиқәжьа икарыжьыз украинаа ЕЕ алаларазы ирхыргаз зегь рышьҭахь… " - иҳәеит Медведев.
Медведев Украинаҟа иаарышьҭуа абџьар аиадертә еибашьра ашәарҭара иацнаҵоит ҳәа иҳәеит