Урыстәылатәи ахархәаҩцәа Windows 10, Windows 11 рҭагалара рылшом

Акорпорациа Microsoft хәажәкыра 4 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи аџьармыкьаҟынтә ишықәҵуазы, ҷыдала атауарқәеи амаҵзурақәеи рыҭира шааннакыло Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 - Sputnik. Акорпорациа Microsoft урыстәылатәи ахархәаҩцәа апроблемақәа роуит акомпиутерқәа - Windows 10, Windows 11 роперациатә системақәа реиҭарҿыцраан. Абри азы дара асоциалтә ҳақәа рҿы иашшуеит.
РИА Новости акорреспондент иазгәеиҭеит афаил аҭагалараан ишцәырҵуа азгәаҭара: "Агха. Шәзыҳәа апроблема аиуит". Аилахәыра Microsoft официалтә дыррак абри азы иҟанамҵеит.
"404 — File or Directory not found" ҳәа ОС аиҭарҿыцраан изцәырҵыз апроблема атәы иҳәеит хархәаҩык.
"Сара Windows ахархәараз алицензиа аахәан исымоуп, аха уажәы дистрибутив (ахҩылааратә форма - аред.) сзыхҩылаауам", - иҳәоит аҽаӡәгьы.
Акорпорациа Microsoft хәажәкыра 4 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит урыстәылатәи аџьармыкьаҟынтә ишықәҵуазы, ҷыдала атауарқәеи амаҵзурақәеи рыҭира шааннакыло Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны.
Амаҵзура Блумберг аамҭақәак рышьҭахь Microsoft аҳәамҭа акьыԥхьит. Уа акорпорациа аҳәамҭа ҟанаҵоит Урыстәыла русура шныркылаз 400-ҩык аусзуҩцәа. Аха убри аан Microsoft иазгәанаҭон ахыдҵақәа рынагӡара ишаҟәымҵуа.