Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи артиллериа 450-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа ннарҵәеит уахыки-ҽнаки рыла

Sputnik
АҞӘА, рашәара 20 – Sputnik. Урыстәылатәи аракетатә ари артиллериеи 450-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа ндырҵәеит уахыки-ҽнаки рыла ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урыстәылатәи аракетатә ари артиллериеи УАМ ари атехникеи ргыларҭақәа 148 раион, 25 напхгараҭаратә ҭыԥ, 59 артиллериатә ҟәша ааха рырҭеит ҳәа ануп ирыларҵәоу адокумент аҿы.

"Авиациа, аракетатә ар, артиллериа 450-ҩык амилаҭеилыхыҩцәа, 13 танки кәылӡтәы машьынеи, иара убасгьы 16 автомашьына ҷыда ҭадырхеит", - аҳәоит арратә усбарҭа.

Урыстәыла аоператив-тактикатәи аибашьыгатәи авиациеи УАМ ари атехникеи ргыларҭақәа 47 раион ааха рырҭеит.
Уи адагьы аусбарҭа адыррала украинатәи ар ацәыӡ дуқәа рымоуп, ирацәаҩуп забџьар шьҭазҵо аруаа: 14-тәи абригада аҵыхәтәантәи амзаз мацара иацәыӡит 2100-ҩык иҭахази ихәызи. 10-тәи ашьха-жәыларатә бригада –100-ҩык аԥшыхәратә ҟәша аррамаҵзурауаа реиҳабыра рыдҵақәа ахьынармыгӡаз азы рҭыԥ иахыган, 30-тәи УАМ амеханизациатә бригада рнапынҵақәа мап рцәыркит.
"Абригадаҿы фицаркгьы даанымхеит" ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа Харковтәи аобласт аҟны аҳәаанырцәтәи аибашьцәа рҭыԥ "Азов" ықәырхит