АҞӘА, рашәара 21 – Sputnik. 2,7 миллионҩык рҟынӡа сынтәатәи ашықәс иалагазар Шәача рыԥсы ршьахьеит ҳәа аҳәоит ақалақь ахадара асаит.
Ари арбага ииасыз ашықәс абри аамҭазтәи арбага аасҭа 1,6% еиҳауп.
Уажәы Шәача аԥсшьарҭақәа 80% ауаа рҭоуп, акурорт аҿы аамҭак ала рыԥсы ршьоит 166-нызқьҩык атуристцәа.