Аԥсны

Аԥсны урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа ргәаладыршәеит

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь рашәара 21, 1994 шықәсазы Аԥсны иалагалан Урыстәылатәи абжьаҟазартә архәҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа Аԥсны ианалагалаз амш азы, иҭахаз Урыстәыла аррамаҵурауаа рбаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Зуалԥшьа анагӡараан Аԥсны иҭахаз абжьаҟазаҩцәа ргәаладыршәарц арахь иааит Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа зхадараҿы дыҟоу аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра.
Аԥсны Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иазгәеиҭеит абжьаҟазаҩцәа ареспубликаҿ аҭынчра аҟалараз рлагала ду. Инаҵшьны иҳәеит ақырҭуа ган аибашьра ашьҭахь Аԥсны иахьаҵанакуаз аԥсҭбарақәа зцыз ақәыларақәа шымҩаԥыргоз.

"Аԥсны иҭахеит шәҩык рҟынӡа абжьаҟазаҩцәа. Ари рыцҳара дууп ар зегьы рзи аҭаацәарақәа рзи. Иахьа ҳара урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Иахьагьы ҳара Урыстәыла ацхыраара ҳақәгәыӷуеит. Иахьазы имҩаԥысуа аоперациа ҷыда аусдҵа хадақәа рынагӡара ралыршара ҳазыԥшуп", - иҳәеит аминистр.

1994 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа Аԥсны абжьаҟазаратә ус нарыгӡон Ихьыԥшым атәылақәа реимабзиара аколлективтә мчрақәа, аиҳаракгьы урыстәылатәи аруаа.
Официалла 2008 шықәса цәыббра 1 азы абжьаҟазаратә еилазаара аусура аанкылахеит.