Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Бебиаԥҳаи Аргәыни агәыҳалалра иазкны

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәыни апандемиа аамҭаз ауаа рыцхраара ахәҭаны избаз, анаҩс уи аус назыгӡо Сима Бебиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны агәыҳалалра азҵаарақәа ртәы ирылацәажәеит.
Sputnik
Аиҿцәажәара алагамҭаз Сима Бебиаԥҳа еиҭалҳәеит агәыҳалалра аус дшалагаз атәы, иарбан хҭысу уахь дхьазырԥшыз.
"Сгәырӷьоит уи аус сахьалагаз. Иҟоуп асоциалтә даҟьақәа рҿы аинформациа ақәҿызҭуа, иҟоуп уи ианақәҿырымҭуа, усҟан ҳара ҳхала ацхыраара еиқәҳаршәоит. Ауааԥсыра хәыҷык ауп ацхыраара ахьырҭаху. Рхала рхы рбо, имаашьаӡакәа ироуз ацхыраара рхы ианадырхәо ҳаигәырӷьоит", - ҳәа азгәалҭеит Бебиаԥҳа.
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор иҳәеит, рус ирацәаҩны адгылаҩцәа шамоу.
"Аԥара адагьы ауаҩы хаҭала излаилшо ала ицхыраара акыр иаԥсоуп. Ҳус баны ианҳавагыло, ҳаргьы ҳазҿу ҳгәы арӷәӷәоит",/ - ҳәа иҳәеит Аргәын.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.