Арадио

Ломиаԥҳа еиҭалҳәеит, иарбан ҟәшақәоу иаартхо сынтәа амедицинатә коллеџь аҿы

Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Светлана Ломиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, ашколқәа роушьҭымҭацәа аколлеџь иахьынӡазҿлымҳау, сынтәатәи аужьҭымҭацәа, насгьы аҭаларазы иарбан лшарақәоу иҟоу.
Sputnik
Сынтәа амедицинатә коллеџь иалго рхыԥхьаӡара 104-ҩык ыҟоуп еиуеиԥшым аҟәшақәа рҟнытәи. Афельдшертә ус, амедиаҳәшьцәа рус, аԥтекатә ус, ахаԥыц чаԥаҩ изанааҭ - арҭ афакультетқәа рҿы аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа мҩаԥыргоит ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Ломиаԥҳа.
"Уажәы аҵара зҵо рахьынтә иаҳа иалыркаауеит аԥҭека аус ахырхарҭала. Ҵыԥх аахыс амедицинатә еиҳәшьцәа рус ахь иаҳа рхы кыдуп, уи апандемиа иабзоуразар ҟалап", - ҳәа лҳәеит лара.
Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аиҳабы лхаҭыԥуаҩ илҳәеит, зегь реиҳа азҿлымҳара змам хырхарҭаны ишыҟоу аветеринартә ус. Есышықәса иара аартуп, аха иҭало ыҟаӡам лҳәеит Ломиаԥҳа.
"Рашәара 20 инаркны адкылара аус цоит, ԥхынгәымза зегьы арӡаҳал аларҵар ҟалоит абитуриентцәа. Ианҭало ҩ-маҭәарк рҭиуеит, аԥсуа школ иалгаз адиктант, анатомиа. 9-тәи акласс иалгазгьы ӷәыԥк ҳадаҳкылоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ломиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.