Аԥсны

Озган Москва аилацәажәарақәа мҩаԥылгеит аҿиареи абылтәы ахәԥса аларҟәреи рызҵаарақәа рзы

Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа рашәара 20 рзы Атранспорти, Аекономикатә ҿиареи, Урыстәыла афымцамчхареи рминистррақәа рыҟны аиԥыларақәа мҩаԥылгеит. Абри атәы аанацҳауеит аминистр лофициалтә аккаунт Instagram аҿы.
Урыстәыла афымцамч аминистр Евгени Грабчаки Озганԥҳаи реиԥылараан иалацәажәеит афымцамчгәаҭаратә хархәагақәа рықәыргылара, абылтәы ахәԥса ашьақәыргылара, афымцалашаратә инфраструктура арҿыцра уҳәа ауснагӡақәа рышьақәыргыларазы.
Анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аларҟәра атәы иалацәажәан Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҟны. Иазгәаҭоуп абри азы Аԥсны аиҳабыра азҵаара шықәнаргылаз.
Уи адагьы аганқәа алацәажәеит ареспублика асоциал-економикатә ҿиара Апрограмма аԥаразоужьреи анагӡареи рмеханизмқәа.
Атранспорт аминистрраҟны ирылацәажәан авиоеимадара аиҭашьақәыргылареи аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысреи рызҵаарақәа, хаҭала:
Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ашьҭыԥраара-тәаратә цәаҳәеи иаԥну аинфраструктуреи рыпроект-сметатә шәҟәқәа аус адулара;
Аԥсны Жәларбжьаратәи аграждантә авиациаз Аконвенциа алахәхара;
Аԥсны атәылауаа аграждантә авиациа аусхк ала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҭалара;
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраан аидарақәеи апассаџьырцәеи мҩанызго рышәҟәқәа рганахь ала аҭахрақәа реиҭакра.