Аԥсны

Африкатәи аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы иазгәаҭоуп

Аҭагылазаашьа аҭҵааразы Кәыдрытәи аиҩхаахь инеит аветеренартә маҵзура аҟазауаа. Иҟоу ауадаҩраз адырра рыҭоуп Аԥсны АшәМ аусзуҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Африкатәи аҳәамырза Кәыдрытәи аиҩхааҿы иазгәаҭоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аветеренартә маҵзура аиҳабы Роман Џьопуа.
Иара ишиҳәо ала, иахьазы шә-хык инарзынаԥшуа ачымазара рымоуп, Очамчыра араион аҟынгьы иазгәаҭоуп акы-ҩба хҭыс. Џьопуа иҳәеит Аԥсны аҳәамырза уаанӡагьы ишыҟалахьаз.

"Ари иҿыцу акакәым. Аԥсны аҳәааӡара ҳақәшаҳаҭым, аха азин аҟамҵарагьы ҳалшом. Ачымазара џьаргьы иқәҵӡом. Ҳаԥсабара ари ачымазара ианаалоит. Уажәы иԥсо аԥстәқәа рацәахоит, избанзар дара рхыԥхьаӡарагьы рацәоуп. Аки аки еидҳәалоуп", - иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа аҭҵааразы Кәыдрытәи аиҩхаахь инеит аветеренартә маҵзура аҟазауаа. Иҟоу чымазаразы адырра рыҭоуп Аԥсны АшәМ аусзуҩцәа, ауааԥсыра.
Џьопуа иҳәоит иԥсыз аԥстәқәа аӡы иарымҭаларц, абнаҿы икармыжьларц, избанзар ари ачымазара аҿиара иацхраауеит.
"Ари ачымазара излаухәшәтәуа ыҟам. Аԥсны аҳәақәа рхы иақәиҭны адәы иқәуп, абна илоуп. Усеиԥш ҟалаӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Аветеринар иазгәеиҭеит аџьармыкьаҿ аҳақьымцәа ргәы рыҽшанҵоу, аха шьаҭанкыла афарачаратә хыбрақәа рхылаԥшра шзалымшо.
"Аҟазауаа Кәыдрытәи аиҩхааҟынтәи Ԥсҳәынтәии аматериал ааргоит. Алабораториатә диагноз анышьақәдыргылалак аиҳабыра рҿаԥхьа азҵаара ықәҳаргылоит. Аҳәа нызҵо ирдыруазароуп уи аҭакԥхықәра шацу" , - иҳәеит Џьопуа.
Иара убасгьы аветеринартә маҵзура аиҳабы иҳәеит ачымазара ауааи егьырҭ аԥстәқәеи рзы ишшәарҭам.