Аԥсны

Аԥсны Апарламент адепутатцәа "Аенергетиказ" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит

Ариашарақәа инарықәыршәаны Апарламент алшара аиуеит "Амшынеиқәафымцамчи" егьырҭ аенергетикатә усхк асубиектқәеи рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи рзы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьарала "Аенергетиказ" азакәан аԥсахрақәа аларгалеит.

Апроект иазԥхьагәанаҭоит аихшаратәи анашьҭратәи ҳақәа Иаку раоператори ("Амшынеиқәафымцамч" - аред. азгә.) егьырҭ аенергетика аусхк анхамҩатә субиектқәеи рзинеизыҟазаашьақәа шьақәзыргыло аиқәшаҳаҭрақәа хымԥада Апарламент аҿы рылацәажәареи рышьақәырӷәӷәареи.

"Арҭ аԥсахрақәа хымԥадоуп аенергетика аҳәынҭқарра аусуратә хырхарҭақәа ирхадоу акәны иахьыҟоу азы, аҳәынҭқарратә интересқәа комплексла рынагӡараз аҳәынҭқарратә оператор амазаратә комплекс хра аманы ахархәара ԥыжәаратәны иахьыҟоу азы. Уаанӡатәи аредакциаҿы аҳәынҭқарра иахатәу аенергетикатә ргыларақәа рхатәтәразы аԥкрақәа шыҟоугьы, аенергетикатә комплекс амазара ахәҭак хра амамкәа қьырала аҭара алзмыршо иахьалацәажәам аҳәынҭқарразы арҭ ахыбрақәа феида рылалом", - ҳәа аҳәоит аилыркаагатә шәҟәаҿы.
Уи инақәыршәаны азакәан апроект иаԥнахроуп атәыла аенергетиказ ибыргәым ахҟьаԥҟьақәа рыҟалара.
Уи адагьы аредакциа ҿыц инақәыршәаны Жәлар Реизара алшара аиуеит аҳәынҭқарратә баланс аҿы иҟоу аенергетикатә ргыларақәа қьырала рыҭараз аилаӡарақәа анализ рзура, рықәшаҳаҭхара, рышьақәырӷәӷәара.