Аԥсны

Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала азакәан "Акурорттә еизгараз" амчра ыӡит ҳәа азханаҵеит

2021 шықәсазы акурорттә еизга 5,7 миллион мааҭ ҟанаҵеит. Сынтәа, лаҵарамза анҵәамҭанӡа еизган 700 000 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара актәи аԥхьарала азакәан "Акурорттә еизгараз" амчра ыӡит ҳәа азханаҵеит.
Хымш инареиҳаны Аԥсныҟа иҭало аҳәаанырцәуаа акурорттә еизга ҳәа 30 мааҭ ршәалароуп. Арҭ аԥарақәа аҭыԥантәи абиуџьет ахашәалахьы инеиуеит.
Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла акурорттә еизга анапхгареи ашәахтә усбарҭақәа русура аганахь алеи ауадаҩрақәа ацуп, иаҭахуп аматериалтәи ауаҩытәыҩсатәи алшарақәа. Урҭ аизга иаҿурԥшуазар феидара амам.
Азакәан актәи аԥхьарала ирыдкылан. Аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдкылахар, амчра аиуеит 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.