Аԥсны

Аԥснытәи абитуриентцәа биуџьеттә шьаҭала Севастопольтәи ауниверситет иҭалар рылшоит

Севастопольтәи аҳәынҭуниверситет Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿы зымҽхак ҭбаау иҿыцу, ҵараиурҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥснытәи абитуриентцәа Севастопольтәи ауниверситет рҭалараз ашәқәа аанатруеит ҳәа азгәанаҭоит МАУЦ "Москва Аҩны".
"Аҵараиурҭаҿ шәкы инареиҳаны абиуџьеттә занааҭқәа, ҩ-нызқь инареиҳаны абиуџьеттә ҭыԥқәа ыҟоуп. Аԥснытәи абитуриентцәа ирылшоит урҭ рҟынтәи ирҭаху алырхыр", - ҳәа аҳәоит арелиз аҿы.
Иахьазы ауниверситет аҿы аҵара рҵоит 11 000-ҩык астудентцәа Урыстәыла, Украина, Сербиа, Шьамтәыла уҳәа атәылақәа рҟынтәи.
Ара иҟоуп агуманитартә, атехникатә, аинформациатә хырхарҭақәа. Аҵараиурҭа еиқәыршәоуп аҭҵаарадырратә усуразы.
Рашәара 22 - 24 рзы Аҟәа раԥхьаӡа акәны имҩаԥгахоит Севастопольтәи ауниверситет амшқәа. Ахаша, асааҭ 12:00 рзы ԥхьаҟатәи астудентцәеи урҭ рҭаацәеи рзы имҩаԥгахоит аҵараиурҭа ацәыргақәҵа-ӡыргара.
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Инал Габлиеи Белгородтәи ауниверситет аректор иԥылеит
Аԥшьашеи ахәашеи асааҭ 10:00 - 17:00 рзы абитуриентцәа дистанциа ҳасабла ирҭаху азанааҭ ахь аҭалараз рдокументқәа нарышьҭыр алшоит. Аҵараиурҭа ахаҭарнакцәа убри аан аинформациатә цхыраара рырҭоит.