Аԥсны

Бжьаниа Бабурин идиныҳәалеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәылас дахьалырхыз

Сергеи Бабурин Аԥсны азхаҵара аиура аҽахьазнашәо адгылара аиҭоит, аҭҵаарадырратә усумҭақәагьы азикхьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи урыстәылатәи аполитик Сергеи Бабурини еиԥылеит. Бжьаниа Бабурин идиныҳәалеит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтә лахәыла ҳәа иалхра, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ҳажәлар ибзианы иргәалашәоит Аԥсны аӡбахә анырҳәоз Шәара шәыхьӡгьы шадырҳәалоз. Шәара шәреиуан Урыстәылатәи Афедерациа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ҳтәыла апроблемақәа рыӡбахә зҳәоз. Усҟан уи ҟазҵоз дмаҷын. Ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит акыршықәса иаҳзыҟашәҵо адгылараз, ацхыраараз. Аԥсны Шәара еснагь ишәзыԥшуп", - иҳәеит ахада.

Бабурин иҳәеит 2022 шықәса рзы 30 шықәса шыҵуа иара раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа дааижьҭеи, уи ҟалеит 1992 шықәса нанҳәамзазы, аибашьра раԥхьатәи амшқәа рзы.
"Европа Ахеилак атрибунаҟынтә Аԥсны аӡбахә раԥхьаӡа акәны аҳәара сылшеит 1992 шықәса анҵәамҭаз, актәи асессиаан. Усҟан сара зегьы идсырбеит Аԥсны ауааԥсыра рнырҵәаразы рхы иадырхәоз абџьар ахәҭақәа, ирзеиҭасҳәеит Қырҭтәыла агрессиа атәы. Жәпаҩык европатәи адепутатцәа рзы ари иҿыцыз акакәын. Уаанӡатәи Асовет Еидгыла аҵакыраҿы иҟаз аҭагылазаашьақәа дара рқьышә иқәҵаны ишахәаԥшлозгьы, усҟантәи сажәақәа рылахь еиқәырҵеит", - иҳәеит Бабурин.
Урыстәылатәи аполитик аҵыхәтәаны Аԥсны даныҟаз 2011 шықәсазы акәын, уиижьҭеи акыр аиҭакрақәа ыҟоуп иҳәеит иара, асоциалтә инфраструктура аҿиара азгәаҭо.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтә лахәыла идиплом Бабурин иҭан рашәара 22 рзы. Аԥсны ахьыԥшымраз ақәԥара апроблема иазикхьеит еиуеиԥшым аусумҭақәа, амонографиа ду назлоу. Амонографиаҿ раԥхьаӡа акәны автор асуверенитети ахьыԥшымреи рзы ареспублика азин ҵаҵӷәиркит.
Сергеи Бабурин – Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рдепутат, Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II, III аҩаӡарақәа ианашьоуп, Аԥсны ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа дыԥхьаӡоуп.