Арадио

Хоџьааԥҳа еиҭалҳәеит аҿар ирзырхоу аҭоурыхтә проект аиҿкаара ахәҭаны изылԥхьаӡо

Аҳҭнықалақь аҟны ааигәа имҩаԥган аҿар рзы аекскурсиа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭоурыхтә баҟақәа ирҭаауан. Аусмҩаԥгатә аԥшьызгази уи ахықәки атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аиҿкааҩцәа ируаӡәку Милана Хоџьааԥҳа.
Sputnik
Хымз ҵуеит гәыԥҩык еиҿыркааз апроект хацыркуижьҭеи, уи хықәкы хадас иамоуп аҭоурых-культуратә обиектқәа аҿар рҿаԥхьа рӡыргара, урҭ абаҟақәа рыхьчаразы аграждантә позициа рылааӡара.
"Апроект азы иалхуп 12-ҩык аҿар, аиҳабыратә классқәа рҵаҩцәа. Хаҭала дара рзы имҩаԥгахоит аныҟәарақәа, алекциақәа, аиҿцәажәарақәа. Апроект алахәылацәа аҵыхәтәаны еиҿыркаароуп рхатәы екскурсиа", - ҳәа еиҭалҳәеит Хоџьааԥҳа.
Арадиостудиа асас еиҭалҳәеит избан аҭоурыхтә хырхарҭа залырхыз, насгьы уи хра аманы изырԥхьаӡо.
"Аҭоурых ахьчара акырӡа аҵанакуеит ҳара ҳзы, аиҵбыратә абиԥара иҳамоу адыррақәа рызнаҳгар ҳагәҭакуп, иара убас ҳаԥсадгьыл аҭоурых аиҷаҳареи рылааӡара", - ҳәа лҳәеит Хоџьааԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.