Аԥсны

Очамчыра илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны ахатәыҩнқәа аӡы рыҵалеит

Џьара-џьара метрабжак еиҳаны аӡы ахьхалаз иахҟьаны ақалақьтә қәаршыҩцарҭақәа русура еиԥҟьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Рашәара 22-23 руха илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны аӡы ахатәыҩнқәа ирыҵалеит Очамчыра ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
АҶА аҷаԥшьаҩ иахь раԥхьатәи адырра ҟаҵан асааҭ 1:04 азы. Ауаа ацхыраара иаҳәон аҩны аӡы адәылгаразы.
Очамчыра, АЕО ишаанӡа аусурақәа мҩаԥыргон. Ацхыраара рыҭан 20 ҩны руааԥсыра.