Аԥсны

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа ҟалоит Аҟәа

Рауф Лакоба Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ Нестор Лакоба диԥан. Иаб данҭадырха ашьҭахь дырбаандаҩын.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Рашәара 28 рзы Аҟәа иаатуеит Рауф Лакоба диижьҭеи 100 шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Акультура аминистрра.

Ауснагӡатә аадыртуеит асааҭ 13:00 рзы, аԥсуа политик дахьынхоз аҩны ахыбраҿы (Лакоба имҩа, №32).

Нестор Лакоба даныршь ашьҭахь ажәлар раӷа ҳәа ахьӡ ихырҵеит. 1937 шықәсазы дырбаандаҩын 15 шықәса зхыҵуаз Рауф.
Иара ицҭакын "Аԥсуа рԥарцәа рус" иаҵадыркыз Николаи Лакоба, Ҭенгиз Лакоба, Николаи Иналиԥа.
1 / 2

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа

2 / 2

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа

13-15 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа аконтрреволиуциатә террористтә ус рнапы алакын ҳәа ахара рыдҵан. Рашәара 27 1941 шықәсазы дыршьит Николаи Иналиԥа, рашәара 28 рзы – егьырҭ иаанхаз.
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори