АҞӘА, рашәара 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1979-1989 шықәсазтәи Афгантәи аибашьра иазку афотоцәыргақәҵа аатит Аҟәатәи амшын аԥшаҳәаҿы, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
"Ииасыз ашықәс азы ҳаиҿкаареи Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилаки аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭан афгантәи аибашьра иазку ацәыргақәҵа "Афгантәи аибашьра, 1979-1989 шш." аартра", - иҳәеит Афганисҭан аветеранцәа урыстәылатәи Реидгыла аҿар рыҟәша "Наследие" ахантәаҩы Витали Шереметиев.
Ацәыргақәҵахь инагоуп 60 фотосахьа – аибашьра ахаҿра аарԥшразы ҷыдала иазыҟаҵаны афотосахьақәа ҭыхын Ҟрым ԥшьышықәса раԥхьа.
"Арҭ афотосахьақәа Афганисҭан иузҭыхуамызт, ҳара ақәыргыламҭа ҟаҳҵеит 700-ҩык алархәны. Аибашьцәа-интернационалистцәа амоџьахьедцәа рроль ихәмаруан. Аҭыхрақәа ирылахәын Урыстәыла акәакьқәа зегьы рҟынтә", - иҳәеит ацәыргақәҵа аиҿкааҩ.
Иара иҳәеит раԥхьаӡа акәны ари ацәыргақәҵа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ, Афедерациа Ахеилак, Ауаажәларратә палата рҿы ишымҩаԥгаз, иара шырбаз Урыстәыла арегионқәа 30 рҿы, ДЖәРи ЛЖәРи рҿы.
"Иахьа арахь иаагеит. Хымш рыҩнуҵҟа ишзалшо ала ауаа рацәа идырбахоит", - иҳәеит Шереметиев.
Аибашьра акадрқәа рреконструкциа ҟалҵеит афотоҭыхыҩ Александра Благинина.
"Зегь фотошопда иҟаҵоуп", - лҳәоит лара.
Ацәыргақәҵа аартра иалахәын аԥснытәи аибашьцәа – аинтернационалистцәа. Сеиран Коџьаманиан иҳәеит:
"Агәахәара унаҭоит аҿартә еиҿкаара абриаҟара аус ахьыруз, ацәыргақәҵа ахьеиҿыркааз. Аԥсны аибашьра алахәылацәа 130-ҩык рҟынӡа ыҟоуп. Асеиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҭахуп. Аиҳаракгьы аҿар рзы ҳветеранцәа активла иалахәын 1992-1993 шықәсқәа рызтәи аибашьра, иахьа Донбасс иҟоугьы ыҟоуп", - ҳәа.
Афотоцәыргақәҵа "Афгантәи аибашьра, 1979-1989 шш." еиҿыркааит Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы, Афганисҭан аветеранцәа Аԥснытәи реидгыла, Афганисҭан аветеранцәа Урыстәылатәи реидгыла аҿар рыҟәша "Наследие".