Аблакыреи аилабгареи: Аҟәатәи аихамҩатә вокзал

Sputnik афотолентаҿ – Аҟәатәи аихамҩатә вокзал абжа еилабганы ишыҟоугьы аус ауеит.
Sputnik
Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ахыбра аартын 1951 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы.
Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа. Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп. Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Ақьафурҭа адашьма амҿеиваԥса ықәын.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха аҭан. Усҟан адәыӷбақәа рныҟәара зынӡа иаанкылахеит, ахыбра ахаҭа аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит. Ҩаԥхьа авокзал аусура хацыркын 2004 шықәсазы.
"Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы иҭоуп. 2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" адиректор хада Алхас Вартагаа Sputnik Аԥсны аинтервиу аҟны иҳәеит "авокзал ахыбра аҳәынҭқарратә ҩаӡарала аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу".
Ашықәс иалагӡаны бжьаратәла авокзал иаднакылоит 300 нызқьҩык рҟынӡа апассаџьыр.
1 / 17

Аҟәа аҭыԥшӡарҭақәа ируаку - аҳтнықалақь авокзал.

2 / 17

Авокзал апроект авторцәас иамоуп архитекторцәа Левани Лолеи Мушкудианиаа.

3 / 17

Авокзал аҿаԥшыларатә хәҭа мармалташьлеи гранитлеи ичаԥоуп.

4 / 17

Аԥенџьырқәеи акассеи ахьа иалхны иҟаҵан. Уажәы апластик ԥенџьырқәа ҭасоуп.

5 / 17

Ахыбра аҩнуҵаҟа зныкала уаа хәышәҩык инаркны зқьҩык рҟынӡа иакоит.

6 / 17

Иахьатәи аамҭазы акассаҿ аҳаири аихамҩатә билеҭқәа ааухәартә алшара ыҟоуп.

7 / 17

Аҟәантәи адәыӷбақәа цоит Москва, Санкт-Петербург, Самара.

8 / 17

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аҟәатәи аихамҩатә вокзал ааха ӷәӷәа аҭан.

9 / 17

Иблахкыгоу асоветтә рхитектура иахьагьы иубарҭоуп.

10 / 17

Ахыбра ӷәӷәала ааха шаиузгьы, еиқәхаз хәҭақәак иаадырԥшоит шаҟа иблахкыраз.

11 / 17

Ааха змоуи аԥақәа зхысызи агәашьақәа рҟны "аԥсҭазаара ҿыц" аира иаҿуп.

12 / 17

Иқьаԥҭахаз азалқәа иахьа уажәраанӡагь аҭааҩцәа ирызԥшуп.

13 / 17

Араҟа Аџьынџьтәылатә еибашьраан аӷацәа абџьар ҵәахырҭа ҭыԥны иҟарҵеит.

14 / 17

Аҿаԥшьқәа ус иаанхеит "иҟьантазӡа".

15 / 17

Ҭыԥқәак рҟны аџьоуҳар иану зыблаҵару афотоҭыхыҩ ида ацәгьы изгәаҭаӡом.

16 / 17

Авокзал ахыбра аамҭа-аамҭала арҽеирақәа азыруеит, аха шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара макьана иаламгацт.

17 / 17

2019 шықәсазы АУН "Аԥсны Аихамҩа" аиҳабыра ирҳәеит авокзал аиҭашьақәыргылара ргәы ишҭоу.