Аԥсны

Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны аԥсуа офицерцәа ирыдырныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Урыстәыла АҶА аграждантә хьчара Академиеи Абылраҽацәыхьчаратә маҵзура Аҳәынҭқарратә Академиеи роушьҭымҭацәа, зхыԥхьаӡараҿ аԥсуа офицерцәагь ыҟаз рҵара ишалгаз азы адипломқәеи агәаларшәагатә дыргақәеи рырҭеит Москва Ашҭа ҟаԥшь аҟны, рашәара 25 рзы.
Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа Telegram-канал аҟны.
Аныҳәатә парад идикылеит урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа русбарҭа ахада Александр Куренков. Аусмҩаԥгатә иалахәын Урыстәыла АҶА аиҳабыреи, Аҳәынҭдума адепутатцәеи, Афедерациа ахеилак алахәылацәеи, аҳәаанырцәтәи адипмиссиа ахаҭарнакцәеи, Академиа аофицерцәеи акурсантцәеи, аужьҭымҭацәа рҭаацәеи.
Аԥнытәи аужьҭымҭацәа рдипломқәа рнапаҿы ириҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩ Нури Хәарцкьиа. Иара аушьҭымҭацәа раԥхьаҟа рнапы зларкуа рус аҟны ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.