Шәача амшын иагаз рыԥшаара иалахәуп 100-ҩык инареиҳаны

Ақалақь ахада Алексеи Копаигородски идыррақәа рыла, машьынала иҟаз аԥсшьаҩцәа аӡиас аҟынтәи амшын иагаз Шәачаҟа иааит Ставрополь аҟынтәи, ауха иԥхьеит ацҳа аҵаҟа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. Шәача аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥыргоит Амшын еиқәа аӡыҵакыраҿ, амшын иагаз рыԥшаара иалахәуп 100-ҩык инареиҳаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла АҶА шьаҭас иганы.
Уи аԥхьа аҳабла "Зубова Щель" иахьаҵанакуа аӡиа хыҵны ҩ-машьынак амшынахь иагеит. Арегионтә Аусеилыргаратә хеилак адыррақәа рыла, ҩ-машьынак рыҟны быжьҩык ауааԥсыра акәтәан, агәаанагара ыҟоуп х-ҩык ахәыҷқәа ыҟазар ҟалоит ҳәа. Аӡәы еиқәырхара рылшеит, ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа иацы ирыԥшааит аиқәырхаҩцәа.
"Аԥшаарақәа цоит Амшын еиқәа аӡыҵакыраҿы. Иаҳхысыз аҵх азы Урыстәыла АҶА Авертолиот Ка-32 ала 60 километр ԥшьыркца ҭырҵааит, 15 километр амшын аԥшаҳәа иахысит. Аԥшаарақәа ирылахәуп 100-ҩык инареиҳаны ауааԥсыреи 26 ак атехникеи", - ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Уажәы арегион аҟны агәҽанызаара шыҟац иаанхоит.