Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруааи ЛЖәР амчреи Лисичанск ашахтеи азауади рнапахьы иааргеит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 25 – Sputnik. ЛжәР Жәлар рмилициеи ар реидгылеи Лисичанск иҟоу азауадқәа руаки ашахтеи иахылаԥшоит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости амчратә усбарҭа аполковникеиҵбы Андреи Марочко шьаҭас дааганы.
Уажәы Лисичанск ақалақьтә ргыларақәа рыҟны аибашьра цоит. ЛЖәР амчқәа ареспублика зегь аҟны хылаԥшра арҭоит.
"Лисичанск ақалақь аҟны иҟоу ашахта ргахьеит, иара убас ҳархәҭақәа ажелатин зауадаҿ инеихьеит", - иҳәеит Марочко.
Уаанӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәахьан, аибашьцәа ргәыԥ "Центр" Украина арбџьармчқәа ӷәӷәала рҽеибаҭан иахьтәаз алада Лисичанск ишҭалаз атәы. Хәымш рыла урыстәылатәи аибашьцәа рнапахьы иааргеит 11 еиланхарҭа. Асабша рхы иақәиҭыртәит аҳаирбаӷәазеи ааглыхратә ҭыԥ Северодонецки, уаантәи иалган 800-ҩык аҭынч уааԥсыра.