Аԥсны

Аԥснытәи акаратистцәа Европа Ахраҿазы атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит

Аԥснытәи акаратистцәа аиааира иазықәԥон Урыстәыла, Узбекисҭан, Ҭаџьикисҭан рҟынтәи аспортсменцәа ирҿагыланы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 - Sputnik.Аԥснытәи акаратистцәа карате до шотокан Казе Ха азы Европа Иаарту Ахраҿазы атурнир аҿы аԥхьахәқәа ргеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы.
Карате до шотокан Казе Ха азы Адунеизегьтәи аидгыла еиҿнакааз аицлабрақәа мҩаԥысит Анапа азааигәара рашәара 24-25 рзы. Атурнир аҿы Аԥсны ахьӡала иқәгылон Аҟәа ақалақь ахадара Аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа карате азы асекциа аспортсменцәа, аицлабра иалҵшәаны урҭ аҩбатәи ҭыԥки ахԥатәи ҭыԥки ааныркылеит.
Европа Ахраҿазы атурнир аҟны "ката" апрограммала араӡны даиааит Дмитри Толочко, Астан Ратиа ахԥатәи аҭыԥ игеит апрограмма "кумите" ала. Аспортсменцәа азыҟаиҵоит Аԥсны Карате до Афедерациа ахада, жәларбжьаратәи акатегориа аӡбаҩ Ахра Абыхәба.
Уи адагьы, аԥснытәи аӡбаҩ Ҭемыр Џьыкырба акатегориа С ианаршьеит.