Аԥсны

Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит

Асабша рашәара 25 рзы, Краснодартәи аҽырҩырҭаҿ имҩаԥысит афбатәи аҽырыҩра амш "Большой приз для кобыл (Оаks)" ("Аҽанқәа рзы аԥхьахә ду").
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рыҽқәа Краснодар аҽырыҩраҟны аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы.
Аҽырыҩратә мшы аҳәаақәа ирҭагӡаны 12 ҽырыҩра мҩаԥысит, еиԥхныҩлон ашьацқьа злоу англызи арабтәии аҽыҩжәлақәа 1200-2400 метра рыҟны.
1200 метра иҩуаз ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу ҩышықәса зхыҵуа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит Асҭамыр Сангәлиа иҽыҩ "Мисс Шелби".
Даур Агәхаа иҽыҩ "Абхазиан Сонг" 2000 метра аҟны ашьацқьа злоу англыз ҽыҩжәлақәа иреиуоу хышықәса зхыҵуа рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит.
Аҩ-еицлабрак рҟны хәба-хәба ҽыҩ алахәын.