Арадио

Мышәба еиҭеиҳәеит аусхкырацәатә коллеџь сынтәа азанааҭ ҿыцқәа абитуриентцәа ишрыднагало

Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит сынтәа рколлеџь аҟны абитуриентцәа ирыдгалахо азанааҭқәа ртәы.
Sputnik
Сынтәа Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь иалгеит 68-ҩык ахааҟаҵаҩцәа-ахәыҟаҵаҩцәа. Аколлеџь аиҳабы иажәақәа рыла, 5-6 аушьҭымҭацәа рыда егьырҭ аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшаахьеит. Асасааирҭақәа, акрыфарҭақәа, аԥацхақәа рыԥшәмацәа рыдҵаалоит аусзуҩцәа рзы, ҳәа азгәеиҭеит Мышәба.
Иара иажәақәа рыла, сынтәа аколлеџь аҟны ҿыц иаларгалар рҭахуп ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи рхәыҟаҵаҩцәа рзы аҟәша. Убасгьы иаадыртыр рҭахуп ахархәаратә тауарқәа рхаҭабзиареи рыҭҵаареи азы афакультет.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.