Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылеи ЛЖәР-и Северодонецки Боровскоеи рхы иақәиҭыртәит

Жәабран 24 раахыс Урыстәыла Украина абџьархыхрази Донбасс аҭынч уааԥсыра киевтәи арежим рацәыхьчареи рзы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. ЛЖәР Жәлар рмилициа архәҭа урыстәылатәи арбџьармчқәа рыцхыраарала Северодонецки Боровскоеи рхы иақәиҭыртәит, иара убас аиланхарҭақәа Вороново, Сиротино ҳәа аҳәоит Урыстәыла Аҭәылахьчара аминистрра аҳәамҭаҿы.
Северодонецк иҟоу ааглыхратә зауад "Азот" иахьаҵанакуа ЛЖәР анапаҵаҟа иҟоуп. Украинатәи арбџьармчқәа араҟа аҿагыларатә хырӷәӷәарҭан аҟаҵараз рыгәҭакы зымнаӡеит.
"Северодонецки Боровскоеи рхы ианақәиҭыртә ашьҭахь, Аҩада Донецк арымаратәи адгьылҵакырақәа зегьы ЛЖәР ахылаԥшра арҭоит", - аҳәоит аҳәамҭаҟны