Аԥсны

Апарламент Аминистрцәа реилазаара ирабжьнагеит ԥхынгәы 7-нӡа абылтәы ахәԥса еиқәдыртәарц

Аԥсны Апарламент "Анефҭ аалыҵқәа рыхәԥсақәа рҭышәныртәалара аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика хра аманы аиҿкаара аусхкқәа рзы" ақәҵара аднакылеит рашәара 27 рызтәи асессиаҿы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Апарламент Аминистрцәа реилазаара абжьгара анаҭеит ԥхынгәы 7 рҟынӡа аекономикатә ҵаҵӷәы аҭаны абылтәы ахәԥса аҭышәнартәалараз хра змоу аполитика амҩаԥгараз ауснагӡатәқәа аднакыларц.
Жәлар Реизара иара убасгьы Аминистрцәа реилазаара иабжьнагеит анефҭ аалыҵ ахкқәак рыхәԥсақәа рганахьала мшаԥымзазы ирыдыркылаз ақәҵара аԥырхырц.
Адепутатцәа ирыдыркылаз ақәҵара инақәыршәаны, ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аиҳабыра ахәаԥшразы иаздырхиароуп адокумент ҿыц.
Аминистрцәа реилазаара абжьгара анынармыгӡа, апарламентарицәа Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны уи азхьаԥшра арҭоит.