Аԥсны

Авокзал "Гагрыԥшь" атурдәыӷба "Тҟәаԥс-Аҟәа" ԥхынгәы алагамҭазы иаднакыло иалагоит

Адәыӷбаангыларҭа "Гагрыԥшь" аплатформа атәылаҿ зегь реиҳа иаууп - 800 метра иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аихамҩаҿ ирыгәҭакуп аангыларҭа "Гагрыԥшь" ԥхынгәы алагамҭазы апассаџьырцәа аднакылартә аҟаҵара. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
"Усны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп аангыларҭа ԥхынгәы 1-10 рзы атуристтә дәыӷба аднакыло аҟаҵара. Уадаҩрак ыҟаӡам. Ашьышьмаҭра еиҭашьақәыргылатщуп. Ари азҵаара ҳаӡбоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Мызки бжаки рыҩнуҵаҟа аретро-дәыӷба "Шәача" 7,5 нызқьҩык апассаџьыр мҩаԥнагеит
Аангыларҭа аиҿкаара нап аларкит 2022 шықәса алагамҭазы – аплатформа дрыцқьеит, ахаҳәцәы, агәам, аҵиаақәа ықәыргеит, аӡыршьҭрақәа жәашықәсала реиԥынчылара дрыцқьеит. Атәарҭақәа дыргылараны иҟоуп, алашара наргоит, аангыларҭа иаԥну апарк еиҿыркаауеит.
АЕ адиректор хада ицхырааҩ иҳәеит иахьа Аԥсныҟа есыҽны ишаауа апассаџьыртә дәыӷбақәа "Москва – Аҟәа", "Санкт-Петербург – Аҟәа", атуристтә дәыӷба "Тҟәаԥс – Гагра", нанҳәа инаркны аныҟәара иалагоит "Самара – Аҟәа".
Хазириши иҳәеит жәамш раԥхьа иҟаз ақәоурақәа раан аангыларҭа ахыб шеилаҳаз.

"Ахыб акыр иажәын. Иқәгатәны иҟан. Ишыҟаҳҵаша ҳшазхәыцуаз ахала еилаҳаит. Уажә еимыхны иқәаагоит", - иҳәеит иара.

Ахыб анкаҳауаз аамҭазы ааигәа аӡәгьы дыҟамызт. Аӡәгьы ааха имоуит. Уи аиҭашьақәыргыларазы Аҟәеи Гагра араион ахадареи аусутә гәыԥ еицаԥырҵеит.
Аангыларҭа "Гагрыԥшь" 1950-тәи ашықәсқәа раан иргылан. Асовет аамҭазы аобиект ақырҭуа архитектор Зураб Ҵереҭели ихьӡ ахын. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашьҭахь аангыларҭа гәыгәҭыжьхеит. Хәыҷы-хәыҷла аҭыӡқәа шьшьеит, агәашьақәа аилаҳара иалагеит, аҵлақәа ҩниааит.
Адәыӷбаангыларҭа "Гарыԥшь" аплатформа атәылаҿ реиҳа иаууп - 800 метра иҟоуп. АЕ иагәҭакуп аҭуан аҿы арԥшӡагақәа реиҭашьақәыргылара аха ахыбра зегьы аиҭашьақәыргылара макьаназ иалацәажәам уи азы аԥара рацәа ахьаҭаххо азы.
Игәыгәҭыжьу аԥшӡара: аихамҩатә аангыларҭа "Гагрыԥшь" иалахьынҵоу