Арадио

Гәбаз Аботаникатә баҳча иаҭаауа рзы: иҟоуп зхымҩаԥгашьа уацәыԥхашьо

Аботаникатә баҳча аиҳабы Едуард Гәбаз еиҭеиҳәеит аԥхынтәи акурорттә аамҭазы аҭааҩцәа рыдкылара иахьынӡазхиоу, изыԥсоузеи уи аҭалара, ахашәала ироуа абаҳча аиҿкаара рхы ирзархәома, аҭааҩцәа рхы шымҩаԥырго атәы.
Sputnik
Амамзаара иахҟьаны есыҽны иаартны иҳамоуп Аботаникатә баҳча, аха аҭааҩцәа рыбжьара ахымҩаԥгашьа иаша иақәымшәо ыҟоуп, хадаратәла уи аҭыԥантәи ауаа роуп, еиҳаракгьы ашколхәыҷқәа ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны ицәажәараҿы Едуард Гәбаз.
Сынтәа Аботаникатә баҳча иаҭаахьоу аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара 10-15 процент еиҵоуп иҳәеит уи аиҳабы.
Абаҳча аҭалара адуцәа рзы 300 мааҭ иаԥсоуп, ахәыҷқәа 7 шықәса зхыҵуа рҟынӡа аҭалара хәыда-ԥсадоуп, егьырҭ 13 шықәсанӡа зхыҵуа 100 мааҭк ршәоит.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.