Аԥсны

Аҟәатәи аӡымҽхак аҿы амшынтә реид мҩаԥган

Зышәагаа маҷу аӷбақәа рҳәынҭқарратә Инспекциа аусзуҩцәа Аҟәатәи аӡымҽхак аҿы амшынтә реид мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik. Зышәагаа маҷу аӷбақәа жәабеи аӡсараз ахархәагақәеи рҭагылазашьа гәаҭан аҟәатәи аӡымҽхакыраҿы ЗМА, АШәМ, аекологцәа, Урыстәыла АШәМ аусбарҭа ареид анеицымҩаԥыргоз. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА,
Аинспекторцәа ашхәақәа зтәу урҭ ртехникатә ҟазшьарбагақәа зеиԥшроуи ашхәақәа рымазаараз азин шьақәзырӷәӷәо ашәҟәқәеи гәарҭеит. Ахараԥса иқәҵан аӡсараз ахархәага амазааразы азин змамыз агидроцикл аԥшәыма заҵәык.
Ареидқәа мҩаԥгахоит Аԥсны аӡымҽхакырақәа зегьы рҿы.
Аԥхынразы асеиԥш агәаҭарақәа мҩаԥысуеит мызкахьы знык, аӡынразы – знык еиҵамкәа.