Арадио

Аԥхьаҩ Џьыкырԥҳа: ажәеинраалақәа аԥысҵоит, аха рцәыргара макьана исзыгәаӷьуам

Раԥхьаӡа акәны Москва имҩаԥгаз апоетикатә фестиваль "Зыԥсы ҭоу апоезиа" (Живая поэзиа-аред.) Аԥснынтә иалахәыз Иланда Џьыкырԥҳа еиҭалҳәеит, аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара шлоузи ахәаԥшцәа лықәгылара шрыдыркылази ртәы.
Sputnik
Апоетикатә леибл Прометеи Медиа Групп апроект ҿыц цәырнагеит Урыстәыла аҳҭнықалақь аконцерттә зал ду "Космос" аҟны рашәара 19 рзы. Уи раԥхьатәи Москватәи апоетикатә фестиваль "Живаиа поезиа" ауп.
Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны сценак аҟны иқәгылеит ҳаамҭазтәи апоезиа аеҵәахәқәа ҳәа ззырҳәо Анна Егоиан, Георги Алански, Владимир Понкин, Ольга Сычиова уҳәа, иара убас Аԥсны атәылауаҩ Иланда Џьыкырԥҳа.
"Афестиваль иаҭааз ауаа зықьҩык раҟара ыҟан. Даараӡа ибзианы ҳрыдыркылеит. Аԥсышәала ажәеинраала аԥхьара сазикит снаԥхгаҩы (Лаша Чургулиа –азгәаҭа). Аиаша шәасҳәап, апрограмма аиҿкаара саналага, даара исҭахын аԥсышәала саԥхьарц, аха слакҩакуан азыӡырҩцәа ҳбызшәа ззымдыруа ишԥарыдыркылари ҳәа. Иалсхыз ажәеинраала "Аԥсны" ахьӡуп, автор деилкаам", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лара иазгәалҭеит апоезиа агәыбылра шылкыз Гагра ашкол данҭаз, лхатә жәеинраалақәа шаԥылҵо, аха урҭ аԥхьаҩцәа рахь ацәыргара макьана ишылзымгәыӷьуа.
Убасгьы Иланда илҳәеит ажәеинраалақәа раԥхьашьала Анна Егоиани лареи еиԥшуп ҳәа шырҳәо шылдыруа. Лара лажәақәа рыла, аԥхьара ахантә даналагоз зынӡагьы илыздыруамызт ус еиԥш аҭыԥҳа дшыҟоу, раԥхьашьа еиԥшныршьлозар, агәахәара лнаҭоит, аха уеизгьы реиҿырԥшра ахәҭам.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.