Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Аҩӡԥҳаи Кобахьиаԥҳаи акультура аҵараиурҭа иунаҭо иазкны

Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳаи сынтәатәи аушьҭымҭа Ҭамуна Кобахьиаԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, аҿар рыбжьара аҵараиурҭа азҿлымҳара ахьынӡамоуи, аусурҭатә ҭыԥла реиқәыршәараз лшарақәас иҟоуи ртәы.
Sputnik
Сынтәа аҵараиурҭа иаунашьҭуеит 14-ҩык, дара зегьы сзанааҭ бзианы издыруа, акультура ԥхьаҟа изгаша ракәны иҟоуп, ҳәа лҳәеит аиҿцәажәараҿы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аиҳабы. Аушьҭымҭацәа аусурҭатә ҭыԥқәа рыԥшаахьеит, ҩыџьа аҳәаанырцә рҵара иацырҵараны иҟоуп, ҳәа лҳәеит Аҩӡԥҳа.
Аҵараиурҭа аушьҭымҭа Ҭамуна Кобахьиаԥҳа илҳәеит, дхәыҷаахыс ашәаҳәара бзиа ишылбоз, ансамбль "Ерцахә" аҿы аусура даналага илабжьыргеит амузыкатә ҵараиурҭа дҭаларц.
"Араҟа аинструментқәа зегьы рҿы ахәмаршьа сҵеит, аха еиҳарак сгәы азцоит аԥхьарца. Сус даара исгәаԥхоит, уи сазҿлымҳауп, саԥхьаҟагьы иансыжьырц сгәы иҭам", - азгәалҭеит Кобахьиаԥҳа.
Ҭамуна арадиоефир анцоз аамҭазы аԥхьарца алырҳәеит.
Сира Аҩӡԥҳа лажәақәа рыла, аҵараиурҭа иҭало аҟыбаҩ ҷыда имамкәа иҵара дзалгаӡом ҳәа. Иазгәалҭеит, сынтәатәи аушьҭымҭацәа реиҳараҩык амилаҭтә культурахь агәыбылра шрымоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.