Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Америкеи Европеи рҟынтәи Украинаҟа иаагаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ықәрыцҟьааит

Абџьари аџьаԥҳани рыԥжәара иахҟьаны азауад ааигәа иҟаз, аус зымуаз ахәаахәҭратә центр амца акит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28- Sputnik. Урыстәылатәи ар Америкеи Европеи рҟынтәи Украинаҟа иаагаз абџьар Кременчугтәи араион аҿы иҟаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ықәрыцҟьааит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убас, адырра ҟаҵоуп ааха шрыҭоу ДЖәР аҿы иҟаз УАМ анапхгараҭаратә ҭыԥқәа ҩба, ареактивтә системақәа "Град" ԥшьба, артиллериатә взводқәа ҩба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи иҭадырхеит: 24 напхгараҭаратә ҭыԥ, 58 раион рҿы артиллериатәии аминаршәгатәии ҟәшақәа, 304 раион рҿы аруааи арратә техникеи.
Жәа-раионк рҿы икарыжьит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 9, аҳаирплан Су-25, авертолиот Ми-8.
Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә мчқәа рхархәагақәа иныркылеит украинатәи абаллистикатә ракетақәа "Точка-У" быжьба Стаханов, Алчевск, Лозовски араионқәа рҿы (ЛЖәР), ареактивтә хгәыцәқәа жәаба (ДЖәР).
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Киев амҵан урыстәылатәи аруаа зыргәаҟуаз Қырҭтәылантәи қьырала еибашьуаз ҭархоуп