Аԥсны

Аслан Бжьаниа ААУ аушьҭымҭацәа адипломқәа рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын

Ахада иқәгылараан иазгәеиҭеит зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра аҵак ду шамоу, аушьҭымҭацәа ирзеиӷьеишьеит аиааирақәа, ақәҿиарақәа изнылаз амҩаҿы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ААУ аушьҭымҭацәа адипломқәа рыҭара ацеремониа далахәын ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсҭазаараҿы дасу иара ихатәы мҩа имоуп, аԥхьаҟа, хымԥада, ишәзыԥшуп аиааирақәа, аихьӡарақәа. Сара агәра згоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны ишәоуз адыррақәа шәзанааҭтә усура уасхыр ӷәӷәаны ишазыҟало", - иҳәеит Бжьаниа.

Ахада ААУ аректор Алеко Гәарамиеи апрофессор-рҵаҩратә еилазаареи иҭабуп ҳәа реиҳәеит аҟазауаа қәыԥшцәа реиҵааӡаразы.
Бжьаниа иҳәеит аҳәынҭқарра аҿиара зхаҭабзиара ҳараку аҵараиура ада ишзалымшо, аҳәынҭқарра аҿаԥхьагьы уснагӡатә хаданы ишықәгылоу аҿар рҟыбаҩ, иалырхуа рзанааҭ аҟны рылшарақәа раарԥшразы аҭагылазаашьақәа рзаԥҵара.