Аԥсны

Аԥсны АҶАи Урыстәыла АШәМи Аҟәа иахьаҵанакуа амшын аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит

Амаҵзурақәа русзуҩцәа арӡсагатә хархәагаҩцәа рыԥшәмацәа уи азин ҟазҵо ашәҟәқәа рымоу ирымаму гәарҭеит, ашхәақәеи акатамаранқәеи ахьынӡашәарҭадоу ҭырҵааит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Аԥсны АҶА зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭинспекциеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМи Аҟәа аӡымҽхакыраҿ агәаҭарақәа мҩаԥыргеит, Алашарбага араион инаркны Кьалашәырынӡа аплиажқәа рҭагылазаашьа рбеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Агәаҭара иахрыжьуан аҟәара иаҿықәгылаз арӡсагатә хархәагақәа зегьы - акатамаранқәа, агидроциклқәа, ашхәақәа. Агәаҭара иахыжьыз ахархәагақәа реиҳарак анормативқәа ирықәшәон. Руак атехгәаҭара иахымсижьҭеи ҩышықәса ҵуан.

Амаҵзура ҷыдақәа русзуҩцәа ақалақьтә плиажқәа рҭагылазаашьеи урҭ амшынҭаларатә сезон разыхиареи гәарҭон. Ауснагӡатә хықәкыс иамуп арӡсагақәа атехникатә нормақәа иахьынӡарықәшәо ашьақәыргылареи рыԥшәмацәа иахәҭоу адокументқәа рымоу ирымаму ашьақәыргылареи. Агәаҭарақәа мҩаԥгахоит Аԥсны аӡымҽхакыра зегь аҿы.
Аԥхынразы асеиԥш агәаҭарақәа мҩаԥысуеит мызкахь знык, аӡынразы – знык еиҵамкәа.